Дональд Трамп иҳәамҭала, анеҩстәи ҩымчыбжь рзы  Владимир Путин диҧылар ҟалап
Дональд Трамп иҳәамҭала, анеҩстәи ҩымчыбжь рзы  Владимир Путин диҧылар ҟалап

 

Америка ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, анеҩстәи ҩымчыбжь рзы  Владимир Путин диҧылар ҟалап.

Трамп ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҩны шкәакәаҿ. Иара иажәақәа рыла, атәылақәа рхадацәа реиҧыларанӡа, ҩ-тәылак рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  — Марко Рубиои Сергеи Лаврови аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит.

Иара убас, Трамп ишиҳәаз ала, Владимир Зеленски даниҧыло, Путини иареи ҭелла излацәажәаз азҵаарақәагьы дырзааҭгылоит.

«Ҳара проблемак ҳамоуп  — дара изеиқәшаҳаҭхом. Реизыҟазаашьақәа даараӡа ицәгьоуп», — иҳәеит Трамп.

Уи адагьы, Трамп иазхеиҵеит Путини  иареи рхатә еизыҟазаашьақәа рыбзоурала урыстәыла-украинатәи аимак аҭыҧқәҵара иаҳа имариахоит ҳәа игәы ишаанагоз. Насгьы, ишиҳәаз ала, хара ихысуа аракетақәа  «Томагавк» Украина аҭара аперспектива ҽакала дахәаҧшуеит.

«Ҳара ҳхаҭагьы  „Томагавкқәа“ ҳҭахуп  —  арҭ аракетақәа ирацәаны иҳамоуп, аха, ҳаргьы хымҧада иаҳҭахуп. Ари аганахьала иҟаҳҵаша сыздырӡом», — иҳәеит Трамп.