„Енбиси ниус“ аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, ирантәи аибашьреи ахәқәа рышьҭыҵреи амшала, Дональд Трамп иреитинг каҳаит
„Енбиси ниус“ аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, ирантәи аибашьреи ахәқәа рышьҭыҵреи амшала, Дональд Трамп иреитинг каҳаит. Хәажәкыра 30 инаркны мшаҧы 13-нӡа имҩаҧысуаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, атәыла ахада иаҳасабала Трамп иусушьа ргәаҧхоит зықәра наӡоу ауааҧсыра рҟынтә 37% мацара. Егьырҭ ҕәҕәала акритика изыруеит.
Ауааҧсыра реиҳара ргәы ишаанаго ала, атәыла изну амҩа ииашам.
Изызҵааз ауааҧсыра рҟынтә 40% ишырҳәаз ала, рфинанстә ҭагылазаашьа еицәахеит.
Онлаин арежимла имҩаҧгаз аҭҵаарақәа рхы рыладырхәит 32 433ҩык.