Дональд Трамп  - Никол Ҧашиниан ицхыраарала ҳара Америкеи, Шәамахьтәылеи, Аахыҵ Кавкази, Ацентртә Азиеи зеиҧшҟамлац аҩаӡаранӡа ишьҭаҳуеит 
Дональд Трамп  - Никол Ҧашиниан ицхыраарала ҳара Америкеи, Шәамахьтәылеи, Аахыҵ Кавкази, Ацентртә Азиеи зеиҧшҟамлац аҩаӡаранӡа ишьҭаҳуеит 

Шәамахьтәыла аҧыза-министр, ҳҩыза бзиа, алидер бзиа  Никол Ҧашиниан итәыла ирҕәҕәоит, ирбеиоит, ашәарҭадара еиқәиршәоит! Никол Шәамахьтәылеи кавказтәи арегион зегьи рзы  аҭынчреи мышхәыбзазареи  ирызку ҳхәаҧшырақәа дрықәшаҳаҭуп, – иҩит Америка ахада Дональд Трамп асоциалтә аҳаҿы.

„Ҳҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио уажәааны Шәамахьтәыла дыҟан. Уаҟа ҳтәылақәа рыбжьара зҵакы дуу аиқәшаҳаҭрақәак ҳадаҳкылеит. Хара имгакәа, Америкеи Шәамахьтәылеи   „Жәларбжьаратәи аҭынчреи мышхәыбзазареи иазку Трамп имаршрут“ апроект анагӡара еиҭалагоит, ари апроект Аахыҵ Кавказ аиҭаҿиара иацхраауеит, иара убас, ҳамерикатә енергетикатә еилахәыра ссирқәа Ацентртә Азиантәи, ишиашо Иеиду Аштатқәа рҟнынӡа аимадара рымазаауеит.

Убри аҟынтә,   2026 шықәса рашәара  7 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы Никол ҕәҕәала сидгылоит. Никол Ҧашиниан ицхыраарала ҳара Америкеи, Шәамахьтәылеи, Аахыҵ Кавкази, Ацентртә Азиеи зеиҧшҟамлац аҩаӡаранӡа ишьҭаҳуеит“, – иҩит Дональд Трамп.