Дональд Трамп - Иран ахада Америкахь аҳәара ҟаиҵеит амца аанаҳкыларц, Ормузтәи аӡыбжьахала аартра ашьҭахь ари азҵаара ҳахәаҧшуеит 
Дональд Трамп - Иран ахада Америкахь аҳәара ҟаиҵеит амца аанаҳкыларц, Ормузтәи аӡыбжьахала аартра ашьҭахь ари азҵаара ҳахәаҧшуеит 

Америка ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, Иран ахада амца аанкыларазы Америкахь аҳәара ҟаиҵеит.

Асоциалтә аҳақәа рҿы аларҵәара зауз аҳәамҭа ишану ала, Трам конкретла зыӡбахә иҳәоз еилкаам, аха, ишазгәеиҭаз ала, Иран уажәтәи ахада ҧасатәи ахада иаасҭа дҟәышуп.

«Иран уажәтәи ахада ҧасатәи ахада иаасҭа дҟәышуп. Уажәааны иара амца аанаҳкыларц дҳаҳәеит.  Ормузтәи аӡыбжьахала аартра ашьҭахь ари азҵаара ҳахәаҧшуеит. Аха, уаанӡа, Иран арбгара наҳагӡоит», — иҩит  Дональд Трамп асоциалтә аҳаҿы.