Дональд Трамп Михаила Ҟавелашвили лаҵара 26 идиныҳәалеит — «Ари ашықәс америкауааи ақырҭуааи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿыцреи ҳтәылақәа рмышхәыбзазареи азы алшара ҿыцқәа аанартуеит»
Америка ахада Дональд Трамп Қырҭтәыла ахада Михаила Ҟавелашвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит.
Қырҭтәыла ахада иадминистрациа адыррақәа рыла, адныҳәалара зныз иашьашәалоу адокумент ақырҭуа аган ириҭеит Америка азҵаарақәа аамҭала знапы иану Алан Персел.
Америка ахада ишәҟәы ишану ала, ари ашықәс америкауааи ақырҭуааи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿыцреи атәылақәа рмышхәыбзазареи азы алшара ҿыцқәа аанартуеит.
«Ҳаҭыр зқәу ахада! Иеиду Аштатқәа рыхьӡала, Қырҭтәыла ауааҧсыра рмилаҭтә ныҳәамш рыдысныҳәалоит. Ари ашықәс америкауааи ақырҭуааи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿыцреи ҳтәылақәа рмышхәыбзазареи азы алшара ҿыцқәа аанартуеит. Иеиду Аштатқәа, ҧасеиҧш, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны шәтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Ҳара ашәарҭадара ҕәҕәеи, аҽҳәаақәҵареи, ахьыҧшымреи иазҿлымҳау ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит», — иануп Дональд Трамп иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.