Михаил Ҟавелашвили — Ҳфырхацәа рҿаҧхьа схырхәоит, урҭ рыхьӡқәа наунагӡа ажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит
Қырҭтәыла Ахада Михаил Ҟавелашвили иҳәамҭала, иахьатәи арратә маҵзуҩцәа аҳәынҭқарреи атәылауааи ршәарҭадара ианакәызаалакгьы ахьчара иазыхиоу мчуп. Иара абри аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рымш азгәаҭара иазкыз ацеремониаҿы данықәгылоз.
Атәыла ахада иажәақәа рыла, арратә маҵзуҩцәа рҭаацәарақәа ҷыдала ҭабуп ҳәа раҳәатәуп – дара ачҳара ду аарҧшны, адгылара дуи адоуҳатә аҕәҕәареи рыла, ҳаруаа инарыгӡо аус хьанҭа рыцеиҩыршоит.
Михаил Ҟавелашвили ишазгәеиҭаз ала, иҭахаз афырхацәа рыхьӡқәа наунагӡа ажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит ахамеигӡареи, аҕәҕәареи, гәыкала аҧсадгьы бзиа абареи аҿырҧштәы аҳасабала.
«Аҧсадгьыл ахақәиҭреи аҳаҭыри ахьчара зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа ҳаҭыр дула исгәаласырәшар сҭахуп. Ҳфырхацәа рҿаҧхьа схырхәоит, урҭ рыхьӡқәа наунагӡа ажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит ахамеигӡареи, аҕәҕәареи, гәыкала аҧсадгьы бзиа абареи аҿырҧштәы аҳасабала», — иҳәеит атәыла ахада.
Атәыла ахада, арратә ҭоуба зуз аҿари ҳаамҭазтәи ақырҭуа ар ашьаҭакраҿы алагала ду ҟазҵаз аветеранцәеи Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рышьаҭакра инаркны 35 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.