Михаил Ҟавелашвили – Хара имгакәа Казахстани Қырҭтәылеи  астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит 
Михаил Ҟавелашвили – Хара имгакәа Казахстани Қырҭтәылеи  астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит 

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Астана ивизит дахцәажәеит.

Иара иажәақәа рыла, арегионалтә екологиатә саммит ибзианы еиҿкаан, хшыҩзышьҭра хада рызун аҧсабаратә лагылазаара ахьчареи ари аусхкы аҿы иҟоу апроблемақәеи.

«Асаммит ибзианы еиҿкаан. Казахстан ахадеи аиҳабыреи уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәеит. Аиашаз, аҧсабара ахьчара аусхкы аҿы апроблемақәа рацәоуп. Ҳара зҵакы дуу атемақәа ҳрылацәажәеит.

Асаммит ҩымш инагӡахоит, ҳминистрцәеи ҳхаҭарнакцәеи ари аусмҩаҧгатә иалахәып. Асаммит иалагаанӡа, ҳара Ацентртә Азиа атәылақәа рпроектқәа ахьцәырыргаз апавилион ҳаҭааит.  Абри асаммит аҿы Қырҭтәыла алахәызаара аҵакы ду амоуп, ари апроцесс нагӡахап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.

Иара иажәақәа рыла, Казахстан ахадеи иареи реиҧылараҿы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит хара имгакәа астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы.