Астанатәи жәларбжьаратәи аҳаирабаҕәазаҿы Михаил Ҟавелашвили иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган 
Астанатәи жәларбжьаратәи аҳаирабаҕәазаҿы Михаил Ҟавелашвили иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган 

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аусуратә визитла Казахстан аҳҭнықалақьаҿ, Астана дыҟоуп, уаҟа иара Арегионалтә аекологиатә саммит ихы алаирхәоит, – ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада иадминистрациа.

Дара рдыррақәа рыла, Астанатәи жәларбжьаратәи аҳаирабаҕәазаҿы Михаил Ҟавелашвили иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган.

„Михаил Ҟавелашвили Казахстан аҧыза-министри,  адәныҟатәи аусқәа рминистри, Астана ахадеи дырҧылоит.

Қырҭтәыла ахада асаммит апленартә аилатәараҿы дықәгылоит.

Асаммит рхы аладырхәоит Казахстани, Киргизсани, Узбекистани, Таџьикистани, Туркменистани,Монголиеи, Шәамахьтәылеи рхадацәеи, Азербаиџьан аҧыза-министри.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвли Казахстан ахада Касим-Жомарт Токаев диҧылоит.

Қырҭтәыла ахада аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп Қырҭтәыла аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, Қырҭтәыла ахада иадминистрациа аиҳабы Қеҭеван Квиникаӡеи, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хвҭисиашвилии“, – иануп аинформациаҿы.