Дональд Трамп - Мшаҧы 13, асааҭ 10:00 рзы Америка Иран абаҕәазақәа ирҭало ма ирҭыҵуа аҕбақәа аблокада рзура иалагоит
Мшаҧы 13, асааҭ 10:00 рзы Америка Иран абаҕәазақәа ирҭало ма ирҭыҵуа аҕбақәа аблокада рзура иалагоит, – иҩит Америка ахада Дональд Трамп асоциалтә аҳаҿы.
Иара иажәақәа рыла, Пакистан имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа раан апунктқәа реиҳара рзы еиқәшаҳаҭхеит, аха, азҵаара хадазы – аиадертә программазы – изеиқәшаҳаҭымхеит.
Трамп Америка арра-ҳаиртәи мчқәа адҵа риҭеит Ормузтәи аӡыбжьахала иҭало ма иҭыҵуа аҕбақәа аблокада рзуреи Иран аӡыбжьахалаҿ ишьҭанаҵаз аминақәа рықәхреи азы.