Дональд Трамп иҳәамҭала, Америка Ормузтәи аӡыбжьахала иҭалогьы иҭыҵуагьы аҕбақәа зегьы аблокада рзура иалагоит
Америка ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, Америка Ормузтәи аӡыбжьахала иҭалогьы иҭыҵуагьы аҕбақәа зегьы аблокада рзура иалагоит .
Трамп иажәақәа рыла, Пакистан имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылҵит, аганқәа апунктқәа реиҳара рзы еиқәшаҳаҭхеит.
Аха, Америка ахада ишазгәеиҭаз ала, азҵаара хадазы, аиадертә программазы изеиқәшаҳаҭымхеит. Иара Америка арра-ҳаиртә мчқәа адҵа риҭеит Иран аҧара азызшәо аҕбақәа зегьы аблокада рзуреи аӡыбжьахалаҿ Иран ишьақәнаргылаз аминақәа раҧыхреи азы.
«Аблокада ирласӡаны иалагоит», — иҩит Дональд Трамп.