Дональд Трамп - Иацы Иран  аиқәшаҳаҭра аилагареи Ормузтәи аӡыбжьахалашҟа аракетақәа рдәықәҵареи рыӡбеит, аракетақәа реиҳара афранцызтә аҕбеи британиатәи аидаратә аҕбеи рганахьала идәықәҵан
Дональд Трамп - Иацы Иран  аиқәшаҳаҭра аилагареи Ормузтәи аӡыбжьахалашҟа аракетақәа рдәықәҵареи рыӡбеит, аракетақәа реиҳара афранцызтә аҕбеи британиатәи аидаратә аҕбеи рганахьала идәықәҵан

Дональд Трамп иҳәамҭала, Иран, еиҭах амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра еиланаган, афранцызтәи британиатәи аҕбақәа иржәылеит.

Аҩны шкәакәа алидер иажәақәа рыла, иара уаҳа  «аҷкәын бзиас» аҟазаара игәы иааҭам.

«Иацы Иран  аиқәшаҳаҭра аилагареи Ормузтәи аӡыбжьахалашҟа аракетақәа рдәықәҵареи рыӡбеит. Аракетақәа реиҳара афранцызтә аҕбеи британиатәи аидаратә аҕбеи рганахьала идәықәҵан. Уи бзиаӡам, уи ауми? Схаҭарнакцәа  Исламабадҟа идәықәлеит, уаҵәы уаҟа аиҿцәажәарақәа мҩаҧгахоит.   Иран Ормузтәи аӡыбжьахала аркра залшом, избанзар, ҳара   ари аӡыбжьахала  аблокадала иҳаркит.  Дара ирзымдырӡакәа, ҳара иҳацхраауеит, аӡыбжьахала аркра амшала есымша  500 миллион адоллар рцәыӡуеит. Америка акгьы ацәыӡуам. Ҳара аилаӡара бзиа рыдаагалоит, уи рыдыркылап ҳәа сгәыҕуеит, избанзар, ирыдрымкылар,   Иран иҟоу ацҳақәа зегьы, афымцатә станциақәа зегьы ҧаҳжәоит.  Дара аилаӡара рыдрымкылар, иҟаҵатәу ҟасҵоит, сара сзы уи ҳаҭыр дууп, Америка егьырҭ ахадацәа иҟарҵараны иҟаз ҟасҵоит!», – иҩит  Дональд Трамп.