Дональд Трампи  20 раҟара аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәеи  «Аҭынчра ахеилак» аҧҟанҵа рнапы аҵарҩит 
Дональд Трампи  20 раҟара аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәеи  «Аҭынчра ахеилак» аҧҟанҵа рнапы аҵарҩит 

Америк ахада Дональд Трамп  «Аҭынчра ахеилак» аҧҟанҵа инапы аҵаиҩит.  Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ  Керолаин Левитт лҳәамҭала, ацеремониаҿы Трамп иқәгылара ашьҭахь  «Аҭынчра ахеилак» аофициалла жәларбжьаратәи аиҿкаарас иҟалеит, анеҩс, уи аҧҟанҵа рнапы аҵарҩит ахеилак иалоу аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа.

Анапаҵаҩра ацеремониа мҩаҧган Давос имҩаҧысуа Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҿы. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Ааигәатә Мрагылареи Аладатәи Америкеи атәылақәа  —  Саудтәи Аравиеи, Катари, Иеиду Арабтәи Аемиратқәеи, Аргентинеи, Парагваии рхаҭарнакцәеи, иара убас, Венгриа аҧыза-министр  Виктор Орбани, Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Пашиниани, Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви.

Асценаҿ Трам ивагылан  20 раҟара аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, аха, Америка атрадициатә европатәи адгылаҩкгьы уаҟа дыҟамызт.

 Дональд Трамп данықәгылоз ишиҳәаз ала,  «Аҭынчра ахеилак» егьырҭ аиҿкаарақәа аус рыцнауеит, ЕАРгьы уахь инрылаҵаны.