Дональд Трамп  ирантәи арбџьармчқәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  - Абџьар шьҭашәҵар ҳшәылакьысуам, мамзар, аҿҳәараанӡатәи аҧсра шәзыҧшуп 
Дональд Трамп  ирантәи арбџьармчқәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  - Абџьар шьҭашәҵар ҳшәылакьысуам, мамзар, аҿҳәараанӡатәи аҧсра шәзыҧшуп 

Дональд Трамп  ирантәи арбџьармчқәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  – Абџьар шьҭашәҵар ҳшәылакьысуам, мамзар, аҿҳәараанӡатәи аҧсра шәзыҧшуп

Америка ахада Дональд Трамп Америка Иран иаҿагыланы арратә операцциа ишалагаз ааицҳаит.

Трамп ирантәи арбџьармчқәа абџьар ашьҭаҵара рыбжьеигеит.

«Америкатә арбџьармчқәа Иран арратә операциа ду иалагеит. Ҳара хықәкык ауп иҳамоу  — ирантәи арежим ирхылҵуа ашәарҭара аҟынтә америкауаа рыхьчара. Дара роуранагӡара ишиашо Америкеи, ҳбџьармчқәеи, аҳәаанырцә иҳамоу абазақәеи, адунеи зехьынџьара  ҳадгылаҩцәеи  ашәарҭара иҭанаргылоит», — иҳәеит Америка ахада.

Иара убас,  Дональд Трамп ишиҳәаз ала, арратә операциа Иран аиадертә программақәа рықәхрагьы иазкуп.

«Абри атеррористтә режим ахаангьы аиадертә бџьар роуам. Еиҭасҳәоит: дара ахаангьы аиадертә бџьар роуам», — иҳәеит Трамп.

Америка ахада Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпуси Иран арбџьармчқәеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.

«Шәара абџьар шьҭашәҵар, ҳшәылакьысуам, мамзар, аҿҳәаранӡатәи аҧсра шәзыҧшуп», — иҳәеит  Дональд Трамп.