Иран ҩыџьа ахацәа Израиль иадҳәалоу «аҧшыхәратә аҳа» алахәызааразы ашьра рықәырҵеит
Иран ҩыџьа ахацәа – Моҳаммад Масум Шахи Ҳамед Валиди Израиль иадҳәалоу «аҧшыхәратә аҳа» алахәызааразы ашьра рықәырҵеит. Sky News ари аинформациа аланарҵәеит ирантәи АИХқәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, Моҳаммад Масум Шахи Ҳамед Валиди аҳәаанырцә рҽазыҟарҵон, Ирактәи Қурдистан аҿгьы.