Моджтаба Ҳаменеи Иран Иреиҳаӡоу алидерс далхуп 

10:37, 09.03.2026

Иран ҧасатәи Иреиҳаӡоу алидер Али Ҳаменеи иҧа Моджтаба Ҳаменеи  Иран Иреиҳаӡоу  алидерс далхуп. Жәларбжьаратәи АИХқәа ари аинформациа аладырҵәеит ирантәи аҳәынҭқарратә медиа аинформациа ашьаҭала.

Иран Иреиҳаӡоу алидер инапынҵақәа рынагӡара далагаанӡа, атәыла иахагылоит 3ҩык рыла еиҿкаау ахеилак. Уи иалоуп: Иран ахада  Масуд Пезешкиан,  аӡбаратә мчра анапхгаҩы  Голамхосеин Мохсени Еџьен, хатәгәаҧхаларатәи апарамилитартә аиҿкаара анапхгаҩы  Алиреза Арафи.

Еиԥшу