Иран Арбџьармчқәа рштаб хада  - Азербаиџьан ахырхарҭала адрон адәықәҵара иазку аинформациа мап ацәаҳкуеит 
Иран Арбџьармчқәа рштаб хада  - Азербаиџьан ахырхарҭала адрон адәықәҵара иазку аинформациа мап ацәаҳкуеит 

Иран анапхгара Азербаиџьан ахырхарҭала адронқәа  рдәықәҵара иазку аинформациа мап ацәыркуеит. Ари атәы иануп Иран Арбџьармчқәа рштаб хада аҳәамҭаҿы.

Ирантәи аган рҳәамҭала, аусеилыргара шьақәнарҕәҕәеит Азербаиџьан ахырхарҭала адронқәа  шдәықәҵаз Израиль аҟынтәи.

«Азербаиџьан ахырхарҭала адронқәа рдәықәҵара иазку аинформациа мап ацәаҳкуеит. Асионисттә режим ахаҭарнакцәа аҧсылмантә тәылақәа еиҿадыргылар  рҭахуп. Аусеилыргара ишышьақәныргылаз ала, асионисттә режим ари ажәылара мҩаҧыргеит нас уи Иран иахарадырҵарц азыҳәан», — иануп Аштаб хада аҳәамҭаҿы.