Иран ҩымчыбжь рыла амца аанкылара иақәшаҳаҭхеит  - „Уи иаанагом аибашьра хыркәшоуп ҳәа, аҕа изакәызаалак агхак ҟаиҵар иахәҭоу аҭак иаҳҭоит“
Иран ҩымчыбжь рыла амца аанкылара иақәшаҳаҭхеит  - „Уи иаанагом аибашьра хыркәшоуп ҳәа, аҕа изакәызаалак агхак ҟаиҵар иахәҭоу аҭак иаҳҭоит“

Иран ҩымчыбжь рыла амца аанкылара иақәшаҳаҭхеит  – ари аинформациа аланарҵәеит Иран Амилаҭтә шәарҭадара иреиҳаӡоу ахеилак.

Иара убас, Иран ишырәҳаз ала, амца аанкылара ақәшаҳаҭхара иаанагом аибашьра хыркәшоуп ҳәа.

„Иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп уи аибашьра ахыркәшара шаанамго. Аҕа изакәызаалак гхак ҟаиҵар, иахәҭоу аҭак иаҳҭоит“, – иануп Иран Амилаҭтә шәарҭадара иреиҳаӡоу ахеилак аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, ахәаша инаркны, Исламабад, Америкеи Ирани реиҿцәажәарақәа иалагоит.