Аҩны шкәакәа аинформациала, Дональд Трампи Владимир Путини реиҧылара Анкориџьи ақалақьаҿ иалагоит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 11:00 рзы
Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиҧылара Анкориџьи ақалақьаҿ иалагоит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 11:00 рзы, – иануп Аҩны шкәакәа аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Трамп Аҩны шкәакәантә ддәықәлоит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 06:45 рзы, Анкориџь днеиуеит Алиаскатәи аамҭала асааҭ 17:45 рзы.
„Америка ахада Аҩны шкәакәахь дхынҳәуеит асабша ашырҧазы“, – иануп аҳәамҭаҿы.