Владимир Путин – Аӡәы даҳҧылар иҭахыҵәҟьазар, уи азы иреиҕьу ҭыҧуп Урыстәыла аҳҭнықалақь - ақалақь-фырхаҵа Москва, ҳара хымҧада ашәарҭадара агарантиақәа еиқәҳаршәоит
Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәамҭала, Владимир Зеленскии иареи реиҧыларазы иреиҕьу ҭыҧуп Москва. Ари авизит шьақәгылар, иара ашәарҭадара агарантиақәа зегьы еиқәиршәоит.
Путин ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Мрагыларатә економикатә форум аҿы.
«Аӡәы даҳҧылар иҭахыҵәҟьазар, уи азы иреиҕьу ҭыҧуп Урыстәыла аҳҭнықалақь – ақалақь-фырхаҵа Москва, ҳара хымҧада ашәарҭадара агарантиақәа еиқәҳаршәоит. Украинатәи аган ари аиҧылара иазҿлымҳауп, сара ирасҳәеит: „Сара сыхиоуп, шәааи. Ҳара хымҧада, аусуратә ҭагылазаашьақәеи ашәарҭадара агарантиақәеи еиқәҳаршәоит“», — иҳәеит Путин.
Аамҭакала, Урыстәыла ахада ишиҳәаз ала, уажәазы ахадаратә зҵаарақәа рзы Зеленски иҟны изеиқәшаҳаҭхом.
«Сара изныкымкәа исҳәахьеит Зеленски иҧылара сшазыхиоу. Аха, уи аҵакы амам ҳәа сгәы иаанагоит. Избан? Избанзар уажәазы ахадаратә зҵаарақәа рзы украинатәи аган рҟны ҳзеиқәшаҳаҭхом. Аполитикатә ҭаххара ҟаларгьы, аиуристтә проблемақәа иҟоуп», — иҳәеит Путин.
Иара убас, Владимир Путин ишиҳәаз ала, акыраамҭалатәи аҭынчратә аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылара ашьҭахь Украинаҿ мраҭашәаратә арбџьармчқәа рыргылара аҭаххом. Аха,
Урыстәыла ахада ишазгәеиҭаз ала, Урыстәылазгьы Украиназгьы ашәарҭадара агарантиақәа иҟазароуп.