Владимир Путин – Украинаа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирылҵыр, аибашьра ҳаҟәыҵуеит, имцар – ҳара еибашьрала ари ахықәкы наҳагӡоит
Урыстәыла ахада Владимир Путин америкатә «аҭынчратә план» дахцәажәеит. Иара иҳәамҭала, аҭынчратә еиқәшаҳаҭра апроект иҟамызт — излацәажәатәу азҵаарақәа реиқәыҧхьаӡа акәын иҟаз.
Америкеи Украинеи рхаҭарнакцәа Женева иззеиқәшаҳаҭхаз апунктқәа ирыдҳәаланы Путин ишиҳәаз ала, аганқәа рхаҭарнакцәа 28 пунктқәа рыла ишьақәгылоу аплан 4 хәҭакны иршеит.
«Женева имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь, Америкеи Украинеи 28 пунктқәа 4 хәҭакны иршарц рыӡбеит, нас, ҳара иаҳзаарышьҭит. Уи наҟ-наҟ аиқәшаҳаҭрақәа рыдкыларазы шьаҭас иҟалар ауеит», — иҳәеит Путин.
Владимир Путин ишиҳәаз ала, украинаа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирылҵыр, Урыстәыла аибашьра иаҟәыҵуеит.
«Украинатәи арбџьармчқәа уажәы импыҵахаланы ирымоу аҵакырадгьылқәа ирылҵыр, аибашьра ҳаҟәыҵуеит. Аха, имцар, ҳара уезгьы, еибашьрала ари ахықәкы наҳагӡоит», — иҳәеит Урыстәыла ахада.