Аганқәа Трампи Путини реиҧылара апрограммазы  еиқәшаҳаҭхеит
Аганқәа Трампи Путини реиҧылара апрограммазы  еиқәшаҳаҭхеит

Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков иҳәамҭала, Америкеи Урыстәылеи Дональд Трампи Владимир Путини реиҧылара апрограммазы еиқәшаҳаҭхеит.

Иара ишазгәеиҭаз ала, аиҧылара мҩаҧгахоит ирҭбаау аформатла,  5+5 аформула ала.

«Атәылақәа рхадацәа инарываргыланы, аиҧылара рхы аладырхәоит аган цыҧхьаӡа аҟынтә 5ҩык-5ҩык. Џьара ааигәа аекспертцәагьы иҟазаауеит», — иҳәеит Ушаков.

Иара иажәақәа рыла, Трампи Путини ишиашо реиҧылара иалагоит москватәи аамҭала асааҭ  22:30 рзы. Аиҧылара ашьҭахь, аделегациа алахәылацәа аусуратә шьыжьхьаҿы еизоит.

Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, Дональд Трампи  Владимир  Путини апресс-конференциа мҩаҧыргоит.

Москва аинформациа инақәыршәаны, урыстәылатәи аделегациа иалоуп атәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушакови, адныҟатәи аусқәа рминистр  Сергеи Лаврови, атәылахьчара аминистр Андреи  Белоусови, афинансқәа рминистр  Антон Силуанови, атәым тәылақәа рҟны аинвестициа-економикатә усеицура азҵаарақәа рзы атәыла ахада ихаҭарнак ҷыда  Кирилл Дмитриеви.