Алеко Елисашвили - Аполиакцәа иргәалашәоит Михеил Саакашвили Качински иԥсыжрахь дышцаз, аха Польша рыздырӡом ҳзакәанԥҵара инақәыршәаны, Саакашвили ашьауӷа ихыхра ҳтәылаҿ ауристтә абсурд шакәу
Алеко Елисашвили - Аполиакцәа иргәалашәоит Михеил Саакашвили Качински иԥсыжрахь дышцаз, аха Польша рыздырӡом ҳзакәанԥҵара инақәыршәаны, Саакашвили ашьауӷа ихыхра ҳтәылаҿ ауристтә абсурд шакәу

«Михаил Саакашвили Качински иԥсыжрахь дцеит,  ари ҟазҵаз европатәи алидер заҵәык иакәын иара, аполиакцәа ари иргәалашәоит, убри азоуп Саакашвили аполиакцәа рыдгылара ахьимоу», — иҳәеит апартиа «Атәылауаа» алидер Алеко Елисашвили.

«Саакашвили абахҭа дҭакуп иконкрету ацәгьоура азы. Саакашвили атәым тәылауаа  рыдгылара имоуп, ари аилкаара мариоупю Аелита зегьы Катын андәықәла ашьҭахь иҟалаз зегьы ибзианы иргәалашәоит, уи ашьҭахь аҳаирплан амашәыр ақәшәеит, ахада Качински дҭахеит, уи ашьҭахь аԥыррақәа уадаҩын Исландиатәи авулкан амзызла. Усҟан Саакашвили имацара ддәықәлеит Качински иԥсыжрахь. Абри еиԥш афырхаҵара ибиогарфиаҿ ирацәам. Аполиакцәа ари иргәалашәоит, убри азоуп Саакашвили аполиакцәа рыдгылара ахьимоу. Польша ахада ҳзакәанԥҵара зеиԥшроу издырӡом. Ҳзакәанԥҵара ала Саломе Зурабишвили Саакашвили ашьауӷра ихыхра лылшом. Ари аиуристтә абсурдуп, ари ҟалашьа амам. Ашьауӷа́ ихыхра лылшом», — иҳәеит апартиа «Атәылауаа» алидер.