Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа мҩаԥысуеит
Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа мҩаԥысуеит

Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа мҩаԥысуеит.

Алхырҭақәа аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 08:00 рзы аартын. Абжьыҭира хәылбыҽханӡа нагӡоит. Алхыҩцәа абжьыҭира алхырҭақәа рҿи аелектронлеи ирылшоит.

Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рхы аладырхәеит ԥшьҩык акандидатцәа, урҭ иреиуп Урыстәыла уажәтәи ахада Владимир Путини, “Алиберал-демократиатә” партиа акандидат Владимир Слуцкии, апартиа “Ажәлар ҿыц” акандидат Владислав Даванкови, “Акоммунисттә” партиа аҟынтә Николаи Харитонови.

Урыстәыла алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 112 309 947-ҩык иаҟароуп.

Путин деиҭалырхыр, уи ахада иҭыԥ 2030 шықәсанӡа ааникылоит.