Жәлар рыхьчаҩ иконсилиум ақәҵа
Жәлар рыхьчаҩ иконсилиум ақәҵа

Жәлар рыхьчаҩ иконсилиум ԥасатәи ахада Михеил Саакашвли игәабзиара иазку иашьҭанеиуа ақәҵа аланарҵәеит.

Аомбудсмен иаппарат аланарҵәаз аинформациаҿ ишану ала, ажьырныҳәа 25 рзы аҳақьымцәа аклиника “Вивамед” аҿы ишьҭоу Михеил Саакашвили иҭааит.

Аконсилиум  ақәҵаҿ ишану ала, иубарҭоуп адинамика бзиа, аха акогнитивтә аилагарақәа, ажьыеҵәа агипотрофиа, анеиропатиа, адепрессиагьы аҭыԥ рымоуп.

“Аконсилиум агәаанагарала,  апациент иҭагылазаашьа ала апозитивтә прогнозқәа иузыҟаҵом”, – иануп Аомбудсмен иаппарат аланарҵәаз аинформациа аҿы.