ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа Михеил Саакашвили изку иашьҭанеиуа адоукумент ианылеит, уи жәларбжьаратәи аихқәа рҿы икьыԥхьыз аматериалқәа ирызкуп
ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа Михеил Саакашвили изку иашьҭанеиуа адоукумент ианылеит, уи жәларбжьаратәи аихқәа рҿы икьыԥхьыз аматериалқәа ирызкуп

ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа Михеил Саакашвили қьырала иргаз алобисттә еилахәырақәеи урҭ русзуреи иазку иашьҭанеиуа адокумент ианылеит.

Жәабран 28 рзы икьыԥхьыз адокумент аҿы иаагоуп GP International Қырҭтәыла ԥасатәи ахада изкны жәларбжьаратәи аихқәа рҿы икьыԥхьыз аматериалқәа.

Ҳзыхцәажәоу аматериал акьыԥхь абеит 2023 шықәса жәбаран 28 рзы “Ниу-Иорк сан” аҟны, уи автор Израиль Аиустициа аминистр ԥасатәи ихаҭыԥуаҩ, Асоцет Еидгылаҿ иҭакыз ԥасатәи аполитбаандаҩы, азинхьчаҩ Натан Шарански иоуп.

Иара убас, ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа ианылеит алобисттә еилахәыраҿ жәларбжбаратәи аихқәа рзы идырмазеиуаз астатиақәа. Урҭ иреиуп Михеил Саакашвили ихьӡала “Политико” аҿы икьыԥхьыз астатиа “Сара Қырҭтәылаҿ аполитбаандаҩы соуп, сара  сыԥсуеит”.

Уаанӡа ЕАШ аиустициа адепартамент Гиули Аласаниеи Михеил Саакашвилии қьырала иргаз алобисттә еилахәырақәеи урҭ русзуреи иазку адыррақәа аланарҵәеиит. Адокумент аҿы ишаныз ала, алобисттә аилахәыра “Акерман” (Akerman) фымзтәи аҳасабырбатә период аан еиуеишым активрақәа мҩаԥнагеит. “Саакашвили игабзиара аагылазаашьа иазку ҭелтә аиҿцәажәарақәеи амедицинатә аекспертцәеи, ақырҭуа иуристцәеи аконсультантцәеи рахь ишьҭыз аелектронтә шәҟәқәеи; Европарламент адыргалаз арезолиуциақәа рпроектқәа аус рыдулара; аконференциатә аиҿцәажәарақәа “Роитер” аҟны;  Массимо Д’Анџьело иинтерсиу CNN аҟны; ацхыраара аиуразы Европарламент аргәаҟра аԥырҟәҟәаара акомитет алахәылацәа рҟны аконсультациақәа; атексти аматериалқәеи аус рыдулара Саакашвили иус Магнитски исиахь алаҵаразы; Саакашвили изку астатиа аҩра; америкатәи асенаторцәа агәра рдыргара Қырҭтәыла иаҿагыланы асанкциақәа рышьақәыргыларазы; Қарҭ иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аофициалтә хаҭарнакцәа рҟны аимадара Саакашвили иахь польшатәи аҳақьымцәа ргәыԥ анажьҭра азы; Европарламент алахәылацәа рҟны аимадарақәа уҳәа уб. егь.” – иануп ЕАШ аиустициа адепартамент адокумент аҿы.