Адәныҟатәи аусқәа рминистрра — Естониа ацҳаражәҳәаҩ лҟны аиҧылараан  иаҵшьны иазгәаҭан лара иҟалҵаз аҳәамҭа аҵара ареформа аполитизациа ишазку,  уи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара шакәу 
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра — Естониа ацҳаражәҳәаҩ лҟны аиҧылараан  иаҵшьны иазгәаҭан лара иҟалҵаз аҳәамҭа аҵара ареформа аполитизациа ишазку,  уи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара шакәу 

Қырҭтәыла университетк иадҳәаланы  асоциалтә аҳаҿы иҟалҵаз аҳәамҭа амшала Қырҭтәыла иҟоу Естониа ацҳаражәҳәаҩ  Марге Мардисалу-Кахар  жәабран 24 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь илыҧхьеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра аинформациа инақәыршәаны,  адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвилии лареи реиҧылараан Естониа ацҳаражәҳәаҩ илыҳәеит лара иҟалҵаз аҳәамаҭа хықәкыс иамаз лҳәарц.

«Аминистр актәи лхаҭыҧуаҩ иаҵшьны иазгәеиҭеит  лара иҟаиҵаз аҳәамҭа аҵара ареформа аполитизациа ишазку,  уи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара шакәу.

Ацҳаражәҳәаҩ иларҳәеит Қырҭтәыла имҩаҧысуа аҵара ареформа интересс ирымазар, естониатәи аган Қырҭәтыла Аҵара аминистрра иадҵааланы, аинформациа наӡа роур шрылшо», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

Естониа ацҳаражәҳәаҩ Илиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә университет аректор Нино Доборџьгениӡе длыдгыланы иҭылхыз апатреҭ асоциалтә аҳаҿы иалалырҵәан, апатреҭ аҵаҟа ианылҵеит: «Ҳара Илиа иуниверситет ҳадгылоит».