Европа Ахеилак ахада иҳәамҭала, Украина 90 миллиард евро азоушьҭра иазку аӡбара рыдыркылеит
Европа Ахеилак ахада иҳәамҭала, Украина 90 миллиард евро азоушьҭра иазку аӡбара рыдыркылеит

Европа Ахеилак ахада Антониу Кошта иҳәамҭала, Украина 90 миллиард евро афинанстә цхыраара азоушьҭра иазку аӡбара рыдыркылеит.

„2026–2027 шықәсқәа рзы Украина  90 миллиард евро азоушьҭра иазку аӡбара шьақәырҕәҕәоуп. Ҳара аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵеит, уи хымҧада инаҳагӡоит“, – иҩит Кошта асоциалтә аҳаҿы.

„Политико“ адыррала, афинанстә ресурсқәа еизыргоит Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә, 24 азеиҧш ҧсахтәқәа рсахьала, аха, ари аплан ашьақәырҕәҕәаразы атәылақәа зегьы рықәшаҳаҭра аҭахуп, избанзар аҧсахтә еиқәыршәазаауеит Евроеидгыла акыраамҭалатәи абиуџьет хада ала.

Венгриеи, Чехиеи, Словакиеи азеиҧш ҧсахтә аизгара аплан рхы аладырхәом.