Алхратә комиссиа хадаҿы Европа Ахеилак ахаҭарнакцәа рҟны аиҧылара мҩаҧган
Алхратә комиссиа хадаҿы Европа Ахеилак ахаҭарнакцәа рҟны аиҧылара мҩаҧган

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвилии Ареформақәа рҿиареи алхратә системақәа рырҵареи ацентр адиректор Наҭиа Заалишвилии Европа ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амаӡаныҟәгара алхратә программа акоординатор Франк Дешлери апарламентбжьаратә усеицура аҟәша анапхгаҩы  Лири Копачи Ди Мишели ирҧылеит.

Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаҧгаз аусуратә аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Ацентрәтә алхратә комиссиеи Европа ахеилаки русеицура иалацәажәеит. Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Европа ахеилак ацхыраарала имҩаҧысуа апроектқәа дрылацәажәан,  ҭабуп ҳәа реиҳәеит апартниорра арҭбаареи алхратә процесс аиҕьтәреи аҿы иҟарҵо алагала азыҳәан.

Иара убас,  Гьаргь  Каландаришвили  2024 шықәса жьҭааразы имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа дырзааҭгылан,  ишиҳәаз ала,  Ацентртә алхратә комиссиа арҭ алхрақәа европатәи астандартқәа рыла рымҩаҧгара иазыхиоуп.