Каиа Каллас — Уажәазы Қырҭтәыла Евроеидгылахь зхы рхоу амҩа ианым, шьаҭанкыла аҭагылазаашьа рыҧсахаанӡа ари атәыла баша акандидаттәылас иаанхоит
« Сербиеи, Аҩадатәи Македониеи, Косовои, Босниеи Герцеговинеи, Ҭырқәтәылеи рзы аперспективақәа ҳәаақәҵам, Қырҭтәыла аперспектива цәгьоуп», — илҳәеит Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас.
«Еврокомиссиазы арҭбаара азҵаара аполитикатә аӡбароуп, иара убас, агеополитикатә инвестициоуп. Урыстәыла ала Украина ажәылареи агеополитикатә аиҭакрақәеи лабҿаба иаҳдырбеит Евроеидгыла хымҧада ишырҭбаатәу. Жәларбжьаратәи аренаҿ ҳаҕәҕәазарц азыҳәан Евроеидгыла хымҧада иҟазароуп. Евроеидгыла арҭбаара алшара лассы-лассы ицәырҵуам. Уажәы уи еиҧш алшара иҟоуп, ҳара уи ҳхы иаҳархәароуп. Аха, уи аамҭазы, Евроеидгылахь зхы рхоу амҩа ҳаркьаҿыр ҟалом. Ари апроцесс уадаҩуп, ақәҿиарақәа ирышьаҭакуп.
Украиназы Евроеидгыла алахәызаара ашәарҭадаратә гарантиас иҟалар ауеит. Иарбанзаалак еибашьуа даҽа тәылак, аибашьраан абас ирласны ареформақәа мҩаҧымгацт.
Жьҭааразы Молдова имҩаҧгаз алхрақәа аадырҧшит ари атәыла ауааҧсыра европатәи аҧеиҧш рымазар шырҭаху.
Уажәазы Қырҭтәыла Евроеидгылахь зхы рхоу амҩа ианым, шьаҭанкыла аҭагылазаашьа рыҧсахаанӡа ари атәыла баша акандидат-тәылас иаанхоит», — илҳәеит Каллас.