Каиа Каллас - Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәа раан Евроеидгыла Урыстәылантә иаҳәар алшоит арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара армаҷреи Молдовеи Қырҭтәылеи рҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгареи 
Каиа Каллас - Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәа раан Евроеидгыла Урыстәылантә иаҳәар алшоит арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара армаҷреи Молдовеи Қырҭтәылеи рҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгареи 

«Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәа раан Евроеидгыла Урыстәылантә иаҳәар алшоит арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара армаҷреи Молдовеи Қырҭтәылеи рҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгареи», —илҳәеит Евроеидгыла адәныҟатәи аусбарҭа анапхгаҩы Каиа Каллас Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рсаммит аҿы ажурналистцәа данрацәажәоз. 

Каиа Каллас ишьақәлырҕәҕәеит уажәтәи аетапаз Евроеидгыла, Путин иацәажәаразы аконкреттә хаҿы иалхра ргы ишҭам. 

«Урыстәыла анапхгара, дара ирацәажәаша  иалхра ҳалагар рҭахуп, Уи ашьацҳәоуп, ҳара ари ашьацҳәа ҳҭаҳауам. Аиҿцәажәарақәа – аколлективтә усуроуп. Аиҿцәажәарақәа рҵакы ауп ахадара злоу», — илҳәеит Каллас.

Ажурналистцәа илазҵааит аиҿцәажәарақәа ҟалар,  иарбан зҵаарақәоу Евроеидгылазы аҧыжәара зауа. Каллас ишылҳәаз ала, Украина мацара акәӡам излацәажәаша, Приднестровиеи, Аҧсни, Аахыҵ Каҧстәылеи рҿы аурыс арбџьармчқәа рыҟазаара азҵаарагьы ӡбатәуп.

«Урыстәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа пату рықәнаҵароуп, агәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәа иржәылар ҟалом, рхьыҧшымра пату ақәырҵароуп. Аха, егьырҭ азҵаарақәагьы иҟоуп. Арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара армаҷра ҳалацәажәозар, уи Урыстәылагьы иадкьыслароуп. Насгьы, ҳара даараӡа ҳаргәамҵуеит Молдовеи Қырҭтәылеи рҿы аурыс арбџьармчқәа рыҟазаара. Европатәи ашәарҭадара еиқәырәшазарц азыҳәан, арҭ арбџьармчқәа уаҟа иҟамазароуп», — илҳәеит  Каллас.