Каиа Каллас - Урыстәыла аҳәаақәа пату рықәҵара иаҟәыҵеижьҭеи акрыҵуеи, Москва ахьырхәрада Европа аҳаиртә қәыҧшылара аилагара азин аҭатәым
«Урыстәыла аҳәаақәа пату рықәҵара иаҟәыҵеижьҭеи акрыҵуеи, Москва ахьырхәрада Европа аҳаиртә қәыҧшылара аилагара азин аҭатәым», — илҩит Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас асоциалтә аҳаҿы.
Лара лажәақәа рыла, адронла анхарҭатә ҩны аахара Румынтәылеи Европеи рҳаиртә қәыҧшылара аилагароуп иаанаго.
«Адронла анхарҭатә ҩны аахара Румынтәылеи Европеи рҳаиртә қәыҧшылара аилагароуп иаанаго. Иахьа шьыжыьмҭан адәныҟатәи аусқәа рминистр Оана Цоиу слацәажәан, Румынтәыла адгылара ҕәҕәа азаасырҧшит. Урыстәыла аҳәаақәа пату рықәҵара иаҟәыҵеижьҭеи акрыҵуеи. Иацы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Урыстәыла ақәыҕәҕәареи, Украина ацхраареи, Европа ахыхьчаралшареи рырҕәҕәара ишазыхиоу рҳәеит», — илҩит Каллас аоциалтә аҳаҿы.