Владимир Зеленски  - Украина Евроеидгыла алахәылас иҟалоит, Орбан ицны ма иара идагьы
Владимир Зеленски  - Украина Евроеидгыла алахәылас иҟалоит, Орбан ицны ма иара идагьы

Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала,  Украина Евроеидгыла алахәылас иҟалоит, Орбан ицны, ма иара идагьы. Зеленски ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Киев, Нидерланды аҧыза-министр Дик Схофи иареи иахьа еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Зеленски иҳәамҭала, иара агәра ганы дыҟоуп Венгриа жәлар Украина ишадгыло.

Украина ахада Евроеидгыла алалара апроцедура аҧсахра алшарагьы далацәажәеит. Ари апроцедура инақәыршәаны, Евроеидгыла арҭбааразы еицҿакны аӡбара адкылара аҭаххом.

„Апроцедура аҧсахра  – ари апроцесс Венгриа аҽалархәрада амҩаҧгаразы амҩа аҧшаара иазкуп, избанзар, Венгриа ада егьырҭ атәылақәа зегьы Украина алалара иадгылоит“, – иҳәеит Зеленски.

Иара иажәақәа рыла, Украина, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа рпроцесс аҿы раҧхьатәи акластер ааратразы иаҭаху  атехникатә процедурақәа зегьы нанагӡеит.