Владимир Зеленски иҳәамҭала, урыстәылатәи авиажәыларақәа  рымшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит ҧшьҩык рҟынӡа  
Владимир Зеленски иҳәамҭала, урыстәылатәи авиажәыларақәа рымшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит ҧшьҩык рҟынӡа  

Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала, Украина аганахьала Урыстәыла имҩаҧнагаз ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит ҧшьҩык рҟынӡа. Иара иажәақәа рыла,

100ҩык раҟара ахәрақәа роуит, Киев  30 инареиҳаны  аҩнқәа  ихырбгалоуп ма аҧхаҭса ду роуит.

«Азарал зауз  ирыцхраауа ауааҧсыра  зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Ҳпартниорцәа еиҧҟьарада иҳарҭо ацхыраарагьы аҵакы ду амоуп. Уажәы адгылара ҳзаазырҧшуа зегьы сраҭабууп, аха, аҳаирхыхьчаратә система арҕәҕәаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп  — аракетақәа ҳаҭара мышкгьы иаҟәымҵроуп», — иҳәеит  Владимир Зеленски.