Владимир Зеленски иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы Дональд Трамп диҧылар ҟалап
Владимир Зеленски иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы Дональд Трамп диҧылар ҟалап

 

Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы Дональд Трамп диҧылар ҟалап. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи АИХқәа.

АИХқәа рдыррақәа рыла, Украина ахада ари атәы ааицҳаит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  Рустем Умеров даниҧыла ашьҭахь.

«Ҳара мышкгьы ҳцәыӡыр ҳҭахып. Ахада Трампи сареи иааиуа амшқәа рзы ҳаиҧылоит. Ашықәс Ҿыцынӡа зҵакы дуу аӡбарақәа ҳадаҳкылар ҟалап», — иҳәеит Зеленски.