Владимир Зеленски - Иран имҩаҧысуа аибашьра амшала Америка Украиназы ацхырара армаҷыр ҟалап
Иран имҩаҧысуа аибашьра амшала Америка Украиназы ацхырара армаҷыр ҟалап, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски „Асошиеиҭид пресс“ аинтервиу аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Украиназы зегьы реиҳа идуу проблемоуп аҳаирхьчаратә системақәа рмаҷра, уи зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп Урыстәыла абалистикатә ракетақәа рҽацәыхьчаразы.
„Уажәазы ҳара Америказы аҧыжәара ҳамам, уи иазхаҵатәуп. Иран имҩаҧысуа аибашьра амшала Украиназы ацхыраара дырмаҷыр ҳәа сшәыоит“ – иҳәеит Зеленски.