Владимир Зеленски – Европа, атәылак адамхаргьы, ацәыӡра азин амам 
Владимир Зеленски – Европа, атәылак адамхаргьы, ацәыӡра азин амам 

Украина ахада Владимир Зеленски  Шәамахьтәыла аганахьала  Урыстәыла ақәмақарра далацәажәан, ишиҳәаз ала, Европа ашәарҭадара азҵаара иаҳа хшыҩзышьҭра арҭароуп, Урыстәыла аган аҟынтә ақәыҕәҕәара ашәарҭара иҭагыло атәылақәа ирыцымхраар ҟалом.

Зеленски иҳәамҭала, Москва, агәылара иҟоу атәылақәа рықәмақарра нанагӡоит.

Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, ашәарҭадара аусхкы аҿы  аусеицура иаҳа ирҕәҕәатәуп, ҳаамҭазтәи ахыхьчаратә ааглырхра ирҭбаатәуп, европатәи аҳәынҭқаррақәа  Урыстәыла иахьыҧшымзаарц азыҳәан.

Украина ахада ишиҳәаз ала, Европа, лымкаала, Евроеидгыла ари азҵааразы апозициа ҕәҕәа аанарҧшып ҳәа дгәыҕуеит.

Ишыжәдыруа еиҧш, Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит украинатәи акризис Евроеидгыла алалара аҽазкрала иалагеит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Шәамахьтәылагьы абри аҩызаҵәҟьа кризис иҭагылар ауеит. Насгьы, ишазгәеиҭаз ала,  Урыстәыла иаҭахуп Шәамахьтәыла Евроеидгыла иалалоу  ма Евроазиатәи еидгылаҿы иаанхоу азҵааразы ирласӡына ареферендум мҩаҧгазарц.