Владимир Зеленски Евроеидгылахь ааҧхьара ҟаиҵеит ари аблокахь Украина алалара аконкреттә рыцхә шьақәдыргыларц 
Владимир Зеленски Евроеидгылахь ааҧхьара ҟаиҵеит ари аблокахь Украина алалара аконкреттә рыцхә шьақәдыргыларц 

Украина ахада Владимир Зеленски  Financial Times аинтервиу аҿы ишиҳәаз ала, Урыстәыла аибашьра ахыркәшара иазҿлымҳам,  Путин аҭынчратә процесс иҭахызшәа ихы ааирҧшыр иҭахуп, аха, иҵабыргны, Украина апозициақәа рырҧсыҽроуп ииҭаху.

«Аурысцәа ихәмаруеит, дара аибашьра ахыркәшара иазҿлымҳам. Дара Трамп илахәмаруеит, адунеи зегьы иалахәмаруеит», — иҳәеит  Зеленски.

 Украина ахада Донбасс Урыстәыла иарҭар аибашьра хыркәшахоит ҳәа иҟоу аидеиа дақәшаҳаҭым, избанзар, ишиҳәаз ала, Урыстәыла агәра угар ҟалом.

Иара убас,  Зеленски аамҭала амца аанкыларагьы дақәшаҳаҭым. иара игәаанагарала, Урыстәыла ари аамҭа ахы анархәоит ахатә мчқәа реиҭашьақәыргыларазы.

Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, уажәы Трамп Урыстәыла аасҭа Украина иаҳа дақәыҕәҕәоит, аха, Вашингтон рхатә позициа рыҧсахып ҳәа дгәыҕуеит.

Убри адагьы,  Владимир Зеленски Евроеидгылахь ааҧхьара ҟаиҵеит ари аблокахь Украина алалара аконкреттә рыцхә шьақәдыргыларц.

«Арыцхә здыруазар сҭахуп. Ари аҳәара иқәсыргылеит. Урыстәыла  Евроеидгылахь Украина алалара апроцесс анеҩстәи   50 шықәса рыла ахырҧара алшоит. Игыло абиҧара абри аҩыза аҭагылазаашьа иҭаҳаргылар ҟалом», — иҳәеит  Зеленски.