Владимир Зеленски иҳәамҭала, иаха Урыстәыла Украина ахырхарҭала 29 аракетақәеи 480 адронқәеи дәықәнаҵеит, быжьҩык иреиҵамкәа ҭахеит, 10ҩык ахәрақәа роуит
Владимир Зеленски иҳәамҭала, Урыстәыла Украина 4 регионк рҿы аенергетикатәи аихамҩатәи аинфраструктура иажәылеит. Лымкаала, иара ишиҳәаз ала, иаха Урыстәыла Украина ахырхарҭала 29 аракетақәеи 480 адронқәеи дәықәнаҵеит, быжьҩык иреиҵамкәа ҭахеит, 10ҩык ахәрақәа роуит
Украина ахада асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, ахыжәжәарақәа рыҵаҟа уажәгьы ауаа иҟазар ҟалап.
«Урыстәыла Украина ахырхарҭала 29 аракетақәеи 480 адронқәеи дәықәнаҵеит, быжьҩык иреиҵамкәа ҭахеит, 10ҩык ахәрақәа роуит. Ажәыларақәа мҩаҧган Киевтәи, Хмельницктәи, Черновицтәи атәылаҿацәқәа ренергетикатә инфраструктуреи, иара убас, Житомиртәи амхамҩеи рганахьала. Арҭ аҭыҧқәа рҿы иашьашәалоу амаҵзурақәа аус руеит. Апартниорцәа абарҭ агәымбылџьбаратә ажәыларақәа ирықәҿырҭроуп. Урыстәыла Украина аинфраструктура ақәхра нанагӡоит, убри аҟынтә, ацхыраара нагӡахароуп. Ҳажәлар иаҳа еиҕьны рыхьчара амзызла Евроеидгыла активла аус ацура ҳақәгәыҕуеит», — иҩит Зеленски.