Politico — Аҳәынҭқарра ҿыцқәа Евроеидгыла  иалалар рылшоит абжьыҭиратә зин рымамкәа
Politico — Аҳәынҭқарра ҿыцқәа Евроеидгыла  иалалар рылшоит абжьыҭиратә зин рымамкәа

Аҳәынҭқарра ҿыцқәа Евроеидгыла  иалалар рылшоит абжьыҭиратә зин рымамкәа. Аҭыжьымҭа  Politico ари аинформациа аланарҵәеит хҩык европатәи адипломатцәеи Евроеидгыла ачынуаҩи рдырра шьаҭас иҟаҵаны. Адырраҿы ишазгәаҭоу ала,   ари аинициатива алацәажәара иаҿуп,  уи амч аиурц азыҳәан,  Евроеидгыла алахәылацәа зегьы рықәшаҳаҭра аҭахуп.

АИХқәа рдыррақәа рыла,  зыӡбахәы ҳәоу ажәалагала ала,  Евроеидгыла арҭбаара иадгыло аҳәынҭқаррақәа арҭбаара апроцесс дырлахҿыхыр рҭахуп,  избанзар, уажәазы Венгриеи егьырҭ атәылақәеи ари апроцесс иаҧырхагоуп.

Politico ишану ала, ари аинициатива абзоурала,   Украина,  Молдова,  Черногориа уҳәа,  Евроеидгыла иалалар зҭаху аҳәынҭқаррақәа  алахәызаара иацу ахырҳагара рхы иадырхәар рылшоит,  аха,  алагамҭатә етап азы вето азин роуам.