Каиа Калласи Марта Коси Қырҭтәыла иадҳәаланы еицыҟарҵаз аҳәамҭа – Адиалог иҟазароуп, ҳара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара мап ацәыркырц
Европа Ахеилак иреиҳаӡоу ахаҭарнаки Еврокомиссиа авице-ахадеи Каиа Калласи арҭбаара иазку аиҿцәажәарақәа рзы еврокомиссар Марта Коси Қырҭтәыла имҩаҧгаз аҭыҧантәи алхрақәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
«Иакымкәа амзақәа ирылагӡаны ихьыҧшым АИХқәа рықәыҕәҕәареи, атәылауаҩратә уаажәларра ирҿагыло азакәанқәа рыдкылареи, аоппонентцәеи активистцәеи рҭакреи, анапхгаратә партиа ишахәаша ала алхратә закәанҧҵара аҧсахреи амшала, аконкуренциатә алхрақәа рымҩаҧгара алшара иҟамызт. Аоппозициаа реиҳара алхрақәа рҽалархәразы мап ркит.
Иара убас, ақырҭуа напхгара иаамҭаны жәларбжьаратәи анаҧшратә аиҿкаарақәа ааҧхьара рырымҭеит, убри амшала, зыгәра угаша жәларбжьаратәи анаҧшцәа алхратә процесс ацклаҧшра алшара рымамызт.
Ауаа рацәа анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» арепрессивтә политика иадҳәаланы апротест ҟарҵон. Ҳара ииашамкәа иаанкылоу ауаа зегьы рхақәиҭтәра ҳаҳәоит.
Ҳара алхрақәа рышьҭахь аҭынчреи аҽаанкылареи азы ааҧхьара ҟаҳҵоит, атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ауаа аизаразы ирымоу азин иақәныҟәарц. Аполитикатә мчқәа зегьы рҽалархәрала аконструктивтә диалог аҵакы ду амоуп. Ҳара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылара мап ацәыркырц.
Насгьы, Евроеидгыла, иааҧҵәаны мап ацәнакуеит, егьақәыӡбиот Қырҭтәылаҿ Евроеидгыла ароль иадҳәаланы аларҵәара зауз адезинформациа, иара убас, Евроеидгыла, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ииашамкәа изныҟәара иақәыӡбоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.