Девид О’Саливан Қырҭтәыла аиҳабыра рахь – Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Евроеидгыла Урыстәыла иазышьақәнаргылаз асанкциақәа рывсра аҧкразы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны иҟашәҵаз ашьаҿақәа рзы
Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Евроеидгыла Урыстәыла иазышьақәнаргылаз асанкциақәа рывсра аҧкразы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны иҟашәҵаз ашьаҿақәа рзы, – иануп асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Девид О’Саливан Қырҭтәыла аиҳабыра ирзааишьҭыз ашәҟәы аҟны.
Ашҟәы аланарҵәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, иара убас, ашәҟәы аҟны иаҵшьны иазгәаҭоуп асанкциақәа рывсра азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны еснагь аимадара шыҟало.
„ Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Евроеидгыла Урыстәыла иазышьақәнаргылаз асанкциақәа рывсра аҧкразы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны иҟашәҵаз ашьаҿақәа рзы. Иара убас, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит асанкциақәа ирызку иарбанзаалак зҵаарак алацәажәаразы шәара шәҟны еснагь аимадара ахьыҟало азыҳәан. Сара уаанӡагьы ишәыдазгалеит аҧыжәара ду змоу апунктқәа рсиа. Ари асиа иануп иҩбоу азкызаара змоу атауарқәеи Урыстәыла арратә система аҿиаразы ахадаратә ҵакы змоу амаҭәарқәеи. Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит зыӡбахәы ҳәоу амаҭәарқәа рреекспорт аанкыларазы.
Еврокомиссиа еиқәнаршәеит Урыстәыла заахәара даараӡа иазҿлымҳау, аибашьра анагӡаразы зда ҧсыхәа рымам атауарқәа рсиа. Асанкциақәа ззышьақәыргылоу абри аалыҵ урыстәылатәи ааглыхра еиқәнаршәар ауеит. Арҭ атауарқәа реиҳара иҩбоу азкызаара рымам, аха, ррекспорт урыстәылатәи аекономика ахадаратә секторқәа арҕәҕәоит. Ҳара, ҳаҭыр дула ҳшәыҳәоит зыӡбахәы ҳәоу асиа иану атауарқәа Урыстәылаҟа рреекспорт шәаҿагыларц. Қырҭтәыла абарҭ атауарқәа реекспортиор хадацәа иреиум, аха, арегион атәылақәа ари азҵаара шырыӡбаша рхәыцхьеит, Қырҭтәыла абарҭ атауарқәа рыла закәандарала ахәаахәҭразы альтернативтә маршрутс иҟалар ауеит, ари аганахьала ашәарҭара иҟоуп. Ари аинформациа иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵареи асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауар наҟ-наҟ Урыстәылаҟа реекспорт аанкылареи аус аҿы шәкомпетенттә органқәа ирыцхраап ҳәа ҳгәыҕуеит, избанзар, Урыстәылаҿ ари атауар арратә ааглыхра аҿиаразы рхы иадырхәоит», — иануп Девид О’Салливан ишәҟәы аҟны.
Аофициалтә ашәҟәы адресатцәа роуп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии.