Нино Ломџьариа  - Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп Евроеидгыла идҳарбарц  адемократиатә реформақәа русхәаҧштә ақырҭуа аполитикатә қәыҧшыларашҟа ишыхынҳәыз
Нино Ломџьариа  - Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп Евроеидгыла идҳарбарц  адемократиатә реформақәа русхәаҧштә ақырҭуа аполитикатә қәыҧшыларашҟа ишыхынҳәыз

«Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп Евроеидгыла идҳарбарц  адемократиатә реформақәа русхәаҧштә ақырҭуа аполитикатә қәыҧшыларашҟа ишыхынҳәыз, ҳара ҳазынтәгьы адемократиатә аиҭакрақәа рымҩаҧгара ҳшазыхиоу», — илҳәеи Жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа.

«Издыруа акоуп – Қырҭтәыла,  ақырҭуа политикатә уаажәларра, анапхгаратә гәыҧгьы аоппозициаагьы, атәылауаҩратә сектор, аҳәынҭқарратә институтқәа уҳәа, ҳазынтәгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ашықәс анҵәамҭазы, ҧхынҷкәын азы акандидат астатус ҳаурц азыҳәан.  Аплан цәыргоуп,  иҳаҳауа аҳәамҭақәеи аӡбарақәеи рымшала, ҳәарада, аскептицизм сызцәырҵит. Аха,  ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп Евроеидгыла идҳарбарц  адемократиатә реформақәа русхәаҧштә ақырҭуа аполитикатә қәыҧшыларашҟа ишыхынҳәыз, ҳара ҳазынтәгьы адемократиатә аиҭакрақәа рымҩаҧгара ҳшазыхиоу», — илҳәеит Нино Ломџьариа.

Жәлар рыхьчаҩ иҳәамҭала, Евроеидгыла, ари апроцесс алацәажәара мацара акәымкәа, аконкреттә реформақәа шымҩаҧысуагьы рбароуп.