Нино Ломџьариа  - Зны цқьа еилаҳкаароуп ҳара ҳзусҭцәақәоу. Нас иҳаӡбап Европа ҳҭаху, мамзаргьы арабцәа ма акитаицәа ҳрыцзар ҳҭаху, сгәы ишаанаго ала, раҧхьа иргыланы, ахацәа роуп ари азҵааразы аҭак аҟаҵара зыхәҭоу  

Ари атәылаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы азинтә ахәшьара рыҭара уадаҩуп ҳәа сгәы иаанагоит, – илҩит  иҳәынҭқарратәым аиҿкаара  „Қырҭтәыла европатәи аорбита“ ашьаҭакҩы Нино Ломџьари асоциалтә аҳаҿы.

„ Зны цқьа еилаҳкаароуп ҳара ҳзусҭцәақәоу. Ажәытәӡатә культуреи ацивилизациеи змоу, аҳәсеи, аҭаацәеи, игыло абиҧарақәеи пату рықәызҵо амилаҭтә ҳакәу, мамзаргьы, зықәрахь инеихьоу ауаа рҭакреи, зылшрақәа маҷу ауаа рыргәаҟреи, иаанкылоу аҳәса раҳаҭыр аларҟәреи, аибашьра зхызгаз ахҵәацәа ахьымӡ рыргареи, аибашьраҿ иҭахаз афырхацәа ратәамбареи зылшо акультурадатә, абнатә жәлар ҳакәу  – зны абри еилаҳкаап, нас иҳаӡбап Европа ҳҭаху, мамзаргьы арабцәа ма акитаицәа ҳрыцзар ҳҭаху, сгәы ишаанаго ала, раҧхьа иргыланы, ахацәа роуп ари азҵааразы аҭак аҟаҵара зыхәҭоу“, – илҩит Нино Ломџьариа.