Қырҭтәыла аиустициа аминистр Мцхеҭа Аиустициа аҩны аргылара шымҩаҧысуа гәеиҭеит
Қырҭтәыла аиустициа аминистр Мцхеҭа Аиустициа аҩны аргылара шымҩаҧысуа гәеиҭеит

Қырҭтәыла аиустициа аминистр Паата Салиеи, ихаҭыҧуаҩ Лана Моргошиеи, Аиустициа аҩны ахантәаҩы Вахтанг Жваниеи Мцхеҭа Аиустициа аҩны ахыбра аргылара шымҩаҧысуа гәарҭеит.

Аминистрра адыррақәа рыла, аргыларатә усурақәа ахыркәшаранӡа инеихьеит.

Мцхеҭа Аиустициа аҩнаҿы атәылауаа, ҭыҧк аҿы, еиуеиҧшым асервисқәа рхархәара рылшоит.

Афилиал ҿыц аҿы есышықәса  70 000ҩык раҟара атәылауаа рымаҵ руеит.

Мцхеҭа идыргыло Аиустициа аҩны атәылаҿы 128-тәи филиалхоит.