Мцхеҭа иазааигәаны иҟалаз автоамашәыр аан аӡәы дҭахеит, аахақәа зауз иҟоуп
Мцхеҭа иазааигәаны иҟалаз автоамашәыр аан аӡәы дҭахеит, аахақәа зауз иҟоуп

Мцхеҭа иазааигәаны автоамашәыр ҟалеит.

Уажәазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны,  арныҟәцаҩ амашьына арныҟәара аганахьала апроблемақәа изцәырҵын, аҭӡамц дананҟьа,  амашьына амца ацралеит.

Аӡәы дҭахеит, хҩык аахақәа роуит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи ишаарыцҳаз ала,  аусеилыргара иалагеит амҩатә ҧҟарақәа ма автотранспорттә хархәага арныҟәцара аҧҟарақәа реилагара афакт азы.