Келли Дегнан  Нино Ломџьариа дылҧылеит
Келли Дегнан  Нино Ломџьариа дылҧылеит

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан иахьа Жәлар рыхьчаҩ  Нино Ломџьариа дылҧылеит. Аиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит Жәлар рыхьчаҩ иофис.

«Аиҧылараҿы  Нино Ломџьариа адемократиатә реформақәа рымҩаҧгара апроцесс аҿы Жәлар рыхьчаҩ иинститут ароль иадҳәаланы лгәаанагара аарҧшны, ари аганахьала иҟоу апроблемақәа дырзааҭгылеит. Иара убас,  иаҵшьны иазгәалҭеит Қырҭтәыла адемократиатә процессқәа рҿиаразы Америка аҽазышәарақәа  аҵакы ду шрымоу.