Иракли  Кобахиӡе  - Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абзоурала, ҧхынгәы  8 рзы аӡәгьы акгьы имыхьит
Иракли  Кобахиӡе  - Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абзоурала, ҧхынгәы  8 рзы аӡәгьы акгьы имыхьит

Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли  Кобахиӡе иҳәамҭала, ҧхынгәы 8 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан амчылара аҧыхразы иаҭахыз зегьы ҟаҵан, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абзоурала, аӡәгьы акгьы имыхьит, аха, уи еиҧш ашәарҭара иҟан.

Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан  «Праид-фестиваль» иазкны иҟалҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акоманда ҭабуп ҳәа расҳәоит, аконкреттә дипломат иҟалҵаз аҳәамҭа ииашоуп ҳәа сгәы иаанагом.  Ахьырхәра азҵаара интересс ишәымазар, уи ацҳаражәҳәаҩ илусым, дарбанызаалак аӡәы ибаандаҩтәра иазкны адҵа аҟаҵара азин лымам, ацҳаражәҳәаҩ ари азҵаара алацәажәара лыхәҭам. Ҳара ихьыҧшым азинхьчаратә органқәа ҳамоуп, дара роуп абарҭ азҵаарақәа рзы аӡбарақәа здызкыло», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан иахьа «Праид-фестиваль» иазкны илҳәеит: «Ҧхынгәы 8 рзы еизаз аџьар, амчыларазы ааҧхьара шыҟарҵозгьы, километрқәак рхысра азин  рырҭеит, авидеонҵамҭаҿ иарбоу ауааҧсыра ахьырхәра рырҭар, егьырҭ ауааҧсыра рҭагылазаашьа шәарҭахом».