Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Индиа раҧхьатәи арезиденттә ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Индиа раҧхьатәи арезиденттә ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Индиа раҧхьатәи арезиденттә ацҳаражәҳәаҩ Амит Кумар Мишра  диҧылеит.

Шьалуа  Папуашвили  Қарҭ Индиа ацҳаражәҳәарҭа аартра афакт ибзианы дахцәажәан,  Амит  Кумар  Мишра Қырҭтәыла иҟоу Индиа раҧхьатәи арезиденттә ацҳаражәҳәаҩс иқәыргылара идиныҳәалеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра азун наҟ-наҟ апарламенттә аимадарақәа рырҭбаара азҵаара.

Иара убас, аиҧылараҿы, ахәаахәреи, атуризми, аҵареи, акультуреи аусхкқәа рҿы аусеицура иазааҭгылеит. Ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, индиатәи аилахәырақәа рацәа Қырҭтәыла аус ацура иазҿлымҳахоит, ҷыдала, афармацевтикеи аинформациатә технологиақәеи аусхкқәа рҿы.

Индиа ацҳаражәҳәаҩ ишьақәирҕәҕәеит Индиатәи ареспублика Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.