Оҭар Шамугиеи Келли Дегнани агенетикатә лабораториа иаҭааит

11:45, 14.07.2023

 

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчареи ақыҭанхаимҩеи рзы аминистр Оҭар Шамугиеи  Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани агенетикатә лабораториа иаҭааит.

Асасцәа агенетикатә лабораториа аибыҭареи аҧстәқәа рчымазарақәа рдиагностика аҟәша алшарақәеи гәарҭеит.

Аминистр ацҳаражәҳәаҩи апартниортә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи ацхырааразы  ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Иахьатәи амш иҿырҧшыгоуп Аҳәынҭқарратә ақыҭанхамҩатә лабораториеи, ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центри, Америка атәылахьчара аминистрра иаҵанакәа Ашәарҭарақәа реиҵатәра агентреи рыбжьара қәҿиарала аусеицура аганахьала.  Ақыҭанхамҩатә лабораториа зҵакы дуу аибыҭара аиуит. Америка агәахәарыла ари апроцесс иалахәып», — илҳәеит  Келли Дегнан.

 

Еиԥшу