Шио ахҧатәи абитуриентцәа иныҳәеит – „Адгыларатә ҧышәарақәа рҿы Анцәа илҧхеи ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит, аҧышәарақәа зегьы қәҿиарала иҭины, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа шәырҭалааит“
Акыр иаҧсоу абитуриентцәа, абзиабара дула шәысныҳәоит, аҭаларатә ҧышәарақәа рҿы Анцәа илҧхеи ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит. Аҧышәарақәа зегьы қәҿиарала иҭины, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа шәырҭалааит, – иҳәеит Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Шио ахҧатәи Самеба апатриархиатә ныхабааҿы абжьагажәа аниҳәоз, иара аныхабаашҟа инеиз абитуриентцәа иныҳәеит.
„Иахьа ҳуахәама иаҭааит иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҭаларазы зҽазыҟазҵо аҿар. Акыр иаҧсоу ҳабитуриентцәа, абзиабара дула шәысныҳәоит. Аҭаларатә ҧышәарақәа рҿы Анцәа илҧхеи ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит. Аҧышәарақәа зегьы қәҿиарала иҭины, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа шәырҭалааит. Ишәхашәмыршҭын, аҵара ауаҩы дышьҭнахуеит, аҧсҭазаараҿы ҧхьаҟацара илнаршуеит, аха, ижәдыруазааит, аҧсҭазаараҿы хымҧада Анцәа шәизааигәазароуп, уи ауп ихадоу.
Абас ҳанхалар, хымҧада ақәҿиарақәа ҳамазаауеит.
Даҽазнык, Анцәа шәиныҳәааит!“, – иҳәеит Шио ахҧатәи.
Апатриарх ишиҳәаз ала, абитуриентцәа аиубилеитә аџьар ҷыда рырҭоит.